Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ - Асабша, шьыжьымҭан, аҭаацәарақәа Симхаҭ Ҭора ианазгәарҭоз, ахыҵәахырҭақәа рахь иҩны ацара ирықәшәеит
Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ - Асабша, шьыжьымҭан, аҭаацәарақәа Симхаҭ Ҭора ианазгәарҭоз, ахыҵәахырҭақәа рахь иҩны ацара ирықәшәеит

Асабша, шьыжьымҭан, аҭаацәарақәа Симхаҭ Ҭора ианазгәарҭоз, ахыҵәахырҭақәа рахь иҩны ацара ирықәшәеит, – “Твиттер” аҿы илҩит Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ – Ҳадас Меицад.

“Израиль аганахьала амассатә аракетатә жәылара аиҿкаара “Ҳамас” мҩаԥнагеит. Асабша, шьыжьымҭан, аҭаацәарақәа Симхаҭ Ҭора ианазгәарҭоз, ахыҵәахырҭақәа рахь иҩны ацара ирықәшәеит”, – илҩит ацҳаражәҳәаҩ.

Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуи. Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Аракетатә жәылара иалагаанӡа Израиль аҵакырахь иасит палестинатә аибашьцәа ргәыԥқәа.

Аихқәа ишаарыцҳаз, агәыԥ “Ҳамас” аланарҵәаз аудионҵамҭақәа рҿы аоперациа “Аль-ақса ашторм” алагара атәы иазгәаҭоуп. Палестинатәи аибашьцәа хықәкыс ирымоуп аҳаирбаӷәазқәеи арратә обиеқтқәеи рықәхра, Израиль ахырхарҭала “Ҳамас” 5000 ракета рышьҭит.