Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла амиссиақәа рнапхгаҩцәа,  ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәеи урҭ рықәҿыҭреи инамаданы, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла амиссиақәа рнапхгаҩцәа,  ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәеи урҭ рықәҿыҭреи инамаданы, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит

 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла амиссиақәа рнапхгаҩцәа,  ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәеи урҭ рықәҿыҭреи инамаданы, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит.

Ашҟәы иануп:

«Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иахь. Ҳаҭыр зқәу аминистр, ишәҳардырыр ҳҭахуп уажәааны Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа даараӡа ҳшаргәамҵуа, урҭ Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп, Қырҭтәыла ахьӡ ладырҟәоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра рҭакҧхықәра иаҳа ишыҭбаау иазҧхьагәаҭаны, ашәҟәы ахкьыҧхьаа  дәықәаҳҵеит Аҧыза-министри, аиустициа аминистри,  адәныҟатәи аусқәа рминистри рахьгьы.

Аизареи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭра ауаҩы ишьаҭанкылатә зинқәа иреиуп, уи ихьчоуп Қырҭтәыла Аконституциа ала.  Ус ишыҟоугьы, ҧхынгәы 5 рзы,  Праид алахәылацәа абарҭ азинқәа рхархәара рылымшеит, избанзар ршәарҭадара еиқәыршәамызт.

Аконтракциа алахәылацәа, амч рхы иархәаны, атәылауаҩратә уаажәларреи ажурналистцәеи ирықәлеит.  Аҩ-гәыҧк рзы амчылара афактқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит. Абри аконтекста аҿы ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп иарбанызаалак адемократиаҿы ажурналистцәа шәарҭада рус нарыгӡаратәы алшара рымазароуп.  Амчылара   ҟамлароуп, уи арқьиарагьы ҟамлароуп.  Аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит, иҧсра зыхҟьаз амзызқәа реилкаара ҳазыҧшуп.

Атәыла анапхгара,   Праид иадҳәаланы ауснагӡатә ҭынч мҩаҧызгоз ауааҧсыра рыхьчаразы аргама ааҧхьара ахьыҟарымҵаз ҳгәы иалоуп, иара убас, аиҿагылара зхылҵыр ҟалоз ацәымҕратә ҳәамҭақәа раанкылара азгьы акгьы ҟарымҵеит, насгьы, атәылауаҩратә уаажәларра активистцәеи ажурналистцәеи  рзырымхьчеит.

Евроеидгылагьы Қырҭтәылагьы  ауааҧсыра зегьы ирзеиҧшу ахадаратә зинқәа рықәныҟәара иазҿлымҳауп. Ҳара агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи аизара ахақәиҭреи, амассатә информациа ахақәиҭреи ҳадгылоит, уи ихьчоуп Аконституциа ала.  Абарҭ апринципқәа арбоуп Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирыбжьарҵаз Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи Ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциеи рҿгьы.  Абарҭ апринципқәа роуп ҳаидызкыло.

Абарҭ апринципқәа ирҿагылоу ариторика амилаҭтә шәарҭадара иаҧырхагоуп,  ақырҭуа демократиа иаҧырхагоуп.

Убри аҟынтә, ҳара шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа аполитикатәи аиуристтәи уснагӡатәқәа мҩаҧыжәгарц.  Амчылара афактқәа зегьы ирласны, қәҿиарала еилыргазаруоп, изхароу ауааҧсыра зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра рыҭазароуп.

Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа еицәазтәыр зылшо ахымҩаҧгашьа аҟынтә рҽаааныркыларц.

Насгьы, ҳара даараӡа ҳаргәамҵуеит Қырҭтәыла апарламент аҧхьа Евроеидгыла абираҟ абылра афакгьы.  Абри абираҟ  Евроеидгыла зықәгылоу ахадаратә принципқәеи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи  ирсимволуп. Абри абираҟ ҩынтә ажәылара  —  Қырҭтәыла европатәии адемократиатәи ҽазышәарақәа ржәылара ауп иаанаго», — иануп ашәҟәы аҟны.  Ашәҟәы рнапы аҵарҩит:

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакреи, Австриеи, Бельгиеи, Болгариеи, Германтәылеи, Даниеи, Испаниеи,  Естониеи, Ирландиеи, Италиеи,  Латвиеи, Лиетувеи,  Лиуқсембурги,  Нидерланди,  Польшеи, Португалиеи,  Румынтәылеи, Бырзентәылеи,  Франциеи, Словениеи, Словакиеи,  Венгриеи, Финлиандиеи, Швециеи, Чехиеи рыцҳаражәҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи.