Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан атәылауаа рпаспортқәа рыҿҳәра ацҵоуп ҧхынгәы 1-нӡа
Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан атәылауаа рпаспортқәа рыҿҳәра ацҵоуп ҧхынгәы 1-нӡа

 

Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәара аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан атәылауаа рпаспортқәа рыҿҳәра ацҵоуп ҧхынгәы 1-нӡа.

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа амшала, акоронавирус аларҵәара аҽацәыхьчара амзызла, хәажәкыра 14 инаркны Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҳәаа иаркуп.

Акоронавирус апандемиа иахылҵыз апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, Азербаиџьан атәылауаа Қырҭтәыла закәанла аҟазаареи аусура анагӡареи рылшарц азыҳәан, рпаспортқәа рыҽҳәара ацҵоуп 2021 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа.

Ацҳаражәҳәара аинформациа ишану ала,  уажәазы Қырҭтәыла иҟоу, аха аҧсадгьылахь ихынҳәыр зҭаху  Азербаиџьан атәылауаа  Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәара иадҵаалароуп.