Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьара азгәарҭоит
Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьара азгәарҭоит. Атәыла ақалақьқәа рҿы амҩақәеи ахыбрақәеи Евроеидгыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит, Евроеидгыла абираҟқәа хадыргалеит.
Иахьа, ҧхынҷкәын 15, асааҭ 17:00 рзы Ахақәиҭра ашҭашҟа жәлар рныҳәа мҩаԥысуеит.
Ԥхынҷкәын 14 рзы Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьан.
Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьаразы арекомендациа ҟанаҵеит абҵара 8 рзы.
“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 2022 шықәса хәажәкыразы иҟаиҵаз аҳәамала, Қыртәыла акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа адҵаалеит. Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аофициалтә арзаҳал инапы аҵаиҩит.