Қырҭтәылеи ЕАШ-и (ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара агентра USAID) рнапқәа аҵарҩуеит “Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара адыгылара” иазку еиқәшаҳаҭра.
Анапаҵаҩра ацеремониа асааҭ 11:00 рзы алагоит.
Ацеремониа аадыртуеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Қрҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани.
Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩуеит Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии USAID амиссиа адиректор Питер Виблери.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла ЕАШ аҟынтә 67 миллион америкатәи адоллар иаҟароу агрант аиуеит, 330 миллион рҟынӡа азҳара аперспективала.
Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Атҳабыра радминистрациа аҟынтә.