Қырҭтәыла даҽа ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит
Қырҭтәыла даҽа ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит

Қырҭтәыла даҽа ҩ-дгьылҵысрак ҟалеит.

Уажәазы адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит қарҭтәи аамҭала асааҭ  09:18-и  09:47-и  рзы.

Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр адыррала, уажәазы адгьылҵысра аепицентр Самеба ақыҭа иазааигәан.

Адгьылҵысра  3.1-и  3.3-и магнитуда  амч рыман.

Уаанӡа, қарҭтәи аамҭала асааҭ 07:36 рзы  4.8 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит. Убри анеҩс,  асааҭ 09:10 рзы иҟалаз адгьылҵысра  4.5 магнитуда амч аман.