Қырҭтәыла ахада, Шоҭа Қарселаӡе иҧсрашьҭахь,  "Атәылауаҩратә ахамеигӡааразы" амедаль ианалшьеит
Қырҭтәыла ахада, Шоҭа Қарселаӡе иҧсрашьҭахь,  "Атәылауаҩратә ахамеигӡааразы" амедаль ианалшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, Шоҭа Қарселаӡе иҧсрашьҭахь,  “Атәылауаҩратә ахамеигӡааразы” амедаль ианалшьеит. 2021 шықәса рашәара 3 рзы, Қарҭ инхоз, 36 шықәса зхыҵуаз Шоҭа Қарселаӡе, Орҭаҷала араион аҿы Мтквари аӡиас иҭаҳаз  14 шықәса зхыҵуаз аӡҕаб деиқәирхан, иара ихаҭа аӡы дагеит.

Қырҭтәыла ахада аҳәынҭқарратә анашьамҭа Шоҭа Қарселаӡе иан, Марина Гарсеванишвили илылҭеит.

Иара убас, Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧгаз анашьамҭаҭара ацеремониаҿы иҟан Шоҭа Қарселаӡе иаҳәшьеи иҩызеи.