Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили украинжәлар Украина ахьыԥшымра амш рыдылныҳәалеит
Шәхықәкәа рынагӡа шәзеиӷьасшьоит, ҳара еиԥшу хықәкы ҳамоуп – ҳтәыла ампыҵахалара аҟынтә ахақәиҭтәра, аҭынчра аиҭашьақәыргылара, шәтәыла асуверените наӡа, атериториатә акзаара, – иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аукраинжәлар Украина ахьыԥшымра амш анрыдылныҳәалоз.
“Ҳаҭыр зқәу украинатәи аҩызцәа, гәык ԥсык ала ақырҭуа жәлар рыхьӡала Ахьыԥшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп! Шәхықәкәа рынагӡа шәзеиӷьасшьоит, ҳара еиԥшу хықәкы ҳамоуп – ҳтәыла ампыҵахалара аҟынтә ахақәиҭтәра, аҭынчра аиҭашьақәыргылара, шәтәыла асуверените наӡа, атериториатә акзаара. Ари ишәзеиӷьасшьоит шәара, ари ирзеиӷьасшьоит сыуаажәлар – ари ҳтәылақәа европатәи аԥеиԥш азы ихымԥадоуп”, – илҳәеит Зурабишвили авидеохазырхараҿ.