Қырҭтәыла ахада Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит
Қырҭтәыла ахада Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, ателееилахәыра „Мҭавари“ агенералтә директор Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит.

Саломе Зурабишвили ари атәы аалыцҳаит уажәааны имҩаҧылгаз абрифинг аҿы.

2022 шықәса лаҵара 16 рзы Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит ателееилахәыра  „Русҭави 2“ анапхгаҩыс даныҟаз имаҵзуратә ҧхықәрақәа цәгьашақә рхархәара аус азы.

2022 шықәса абҵара 2 рзы Апеллиациатә аӡбарҭа Ника Гварамиа изы ақәҵара рымҧсахит. Анеҩс, Гварамиа идукатцәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иадҵаалт, аха, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гварамиа иус ахәаҧшразы аднамкылеит.