Қырҭтәыла ахада ладминистрациа Џьо Баиден Саломе Зурабишвили илзааишьҭыз ашәҟәы аланарҵәеит
Қырҭтәыла ахада ладминистрациа Џьо Баиден Саломе Зурабишвили илзааишьҭыз ашәҟәы аланарҵәеит.
“Ҳаҭыр зқәу ахада, Урыстәыла шәтәыла ақәлеижьҭеи 16 шықәса ҵит, ари арыцхә инамаданы америкатә жәлар рыхьӡ ала ақырҭу жәлар апату ду ала ҳшазныҟәо аасырԥшыр сҭахуп.
Иахьа иҳгәалаҳаршәоит Урстәыла ажәылара иалаӡыз, ахәрақәа зауз, ахҵәара зықәшәаз ауааԥсыра. ЕАШ Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара рыдгылара нанагӡоит.
Иазгәасҭар сҭахуп ақырҭуа жәлар евроатлантикатә аԥеиԥш ахьалырхыз. ЕАШ адгылоит Қырҭтәыла ауааԥсыра адемократиа гәык алаазыҟазаара. Ҳгәы ҳнархьуеит Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиа ахьаҿагыло, ари иубарҭоуп Кремль астиль еиԥшу “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан адкылара аҿы.
32 шықәсатәи аиҩызареи аусеицуреи ирылагӡаны Қырҭтәылеи ЕАШ-и ҳаидгыланы аҭынчреи, аҭышәнытәылареи, ахақәиҭреи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчара ҳаҿуп. Ари иаҳзеиԥшу хәынаӡарақәа роуп, арҭ ахәынаӡарақәа роуп ҳтәылақәа еидызкыло”, – иануп ЕАШ ахада ишәҟәы аҟны.