Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа ала, Саломе  Зурабишвили европатәи алидерцәа рҟны аиԥыларақәа налыгӡоит
Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа ала, Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рҟны аиԥыларақәа налыгӡоит

Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат статус аура адгыларазы, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рҟны аиԥыларақәа налыгӡоит.

Ари аарыцҳаит Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аҟынтә.

Иахьа Қырҭтәыла ахада Таллин Естониа ахада Алар Карис диԥылоит, цәыббра 26 рзы  – Латвиатәи ареспублика ахада Едгарс Ринкевичс, – цәыббра 27 рзы – Вильниус, Литватәи ахада Гитанас Науседа.