Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ахада Зеленски иԥшьгарала имҩаԥысуа аҩбатәи Ҟрымтәи асаммт далахәуп.
Асаммит онлаин формат аҿы мҩаԥысуеит, уи хықәҟыс амоуп Ҟрым ампыҵахаларазы жәларбжьаратәи ақәҿыҭра аиӷьтәра, изҳауа ашәарҭақәа рықәҿыҭра, Кремль аганахьала жәларбжьаратәи ақәыӷәӷәара азҳара, Ҟым адеоккупациеи Украина архыҳәреи.
Қырҭтәыла ахада асаммит аҿы дықәгылоит.
Иахьа имҩаԥысран иҟоу “Ҟрымтәи аплатформа” аҩбатәи асаммит рхы аладырхәоит 60 тәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара онлаин рхы аладырхәоит Германтәыла аканцлер, Канада аԥыза-министр, Иапониа аиҳабыра рнапхгаҩы, Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
Ари атәы аарыцҳаит ахада ладминистрациа аҟынтә.