Қырҭтәыла ахада Аиустициа ахеилак иӡбаҩым алахәылас Каха Цискаришвили дықәлыргылеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аиустициа ахеилак иӡбаҩым алахәылас Каха Цискаришвили дықәлыргылеит.
Атәыла ахада лпарламенттә маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Мсхилаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада ладминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Ишыжәдыруа еиҧш, атәыла ахада, лара лхала иӡбаны, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак ахь лхаҭарнак дықәлыргылар лылшоит, аха, атәыла ахада, ари апроцесс аартрызаара аиқәыршәаразы, рашәара 21 рзы алхратә комиссиа еиҿылкааит. Акомиссиа ахатә усура хыркәшаны, атәыла ахада ҩыџьа акандидатцәа лыднагалеит. Иахьа атәыла ахада Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас Каха Цикаришвили иқәыргыларазы адҵа ҟалҵеит. Наҟ-наҟгьы, аӡбаратә системахь аӡбаҩцәа ралхраан абри асистема ахархәара амазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит. Ари аҿырҧштәы бзиан», — иҳәеит Гьаргь Мсхилаӡе.