Лаҵара 1 инаркны Қырҭтәыла аусура иалагоит авиаеилахәыра ҿыц Condor Airlines.
Condor Airlines мчыбжьыкахь ҩынтә арегулиартә реисқәа мҩаҧнагоит Франкфурт-Қарҭ – Франкфурт ахырхарҭала. Абилеҭқәа раахәара ҟалоит авиаеилахәыра асаит аҿы.
Авиаеилахәыра Condor Airlines аҧҵан 1955 шықәсазы. Уи ареисқәа мҩаҧнагоит Адгьылбжьахалатә мшын атәылақәеи, Азиеи, Африкеи, Аҩадатәии Аладатәии Америкеи рхырхарҭала.