Қырҭтәыла ауахәама анапхгара аҭара аҧҟаҧҵа инақәыршәаны, Ауахәама ирҭбаау аизара алахәылацәа  Апатриарх ҿыц далырхроуп ҩымз ирылагӡаны 
Қырҭтәыла ауахәама анапхгара аҭара аҧҟаҧҵа инақәыршәаны, Ауахәама ирҭбаау аизара алахәылацәа  Апатриарх ҿыц далырхроуп ҩымз ирылагӡаны 

Қырҭтәыла Апатриарх ҿыц далырхуеит Ақырҭуа уахәама аизара алахәылацәа.

Қырҭтәыла ауахәама анапхгара аҭара аҧҟаҧҵа инақәыршәаны, Ауахәама ирҭбаау аизара алахәылацәа  еизароуп  40 мшы рышьҭахь, аха, ҩымз ирхымгакәа.

Қырҭтәыла ауахәама ирҭбаау аизаранӡа Асинод цқьа аилатәара мҩаҧгахоит, уаҟа 3ҩык акандидатцәа алырхуеит.

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иалхра иазку абжьыҭира рхы аладырхәоит аҧшьаҩеиҳабацәа мацара. Қырҭтәыла Апатриарх иҭыҧ аанкыларазы акандидат абыжьқәа реиҳара иоуроуп.

Апатриарх ҿыц далырхаанӡа Қырҭтәыла ауахәама дахагылоит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ. 2017 шықәса абҵара 23 рзы Апатриарх ишьҭрамҭаҩс далхын амитрополит Шио (Муџьири).