Иахьа, цәыббра 27 рзы, асасааирҭа “ПараграфҚарҭ” аҿы, ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара (UNWTO) аегидала, Атуризм адунеизегьтәи амш инамаданы ауснагӡатә мҩаԥысуеит. Ауснагӡатә артхоит аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, ЕАР Атуризм адунеизегьтәи аиҿкаара анагӡаратҩә маӡаныҟәгаҩ Зураб Пололикашвилии рықәгылара ала.
Қырҭтәыла еиуеиԥшым 40 тәылақәа рҟынтә асасацәа, атуризм аминистрцәа, жәдарбжьаратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа иаҭауеит. Ауснагӡатә рхы аладырхәоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвилии Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Мариам Қвривишвилии.
Атуризм амш азы ахадаратә ҵакы амазаауеит атема “Аҭынчреи атуризми”.