Қырҭтәыла атуристтә цәыргақәҵа ITB CHINA 2026 аофициалтә партниор-тәылас иҟалоит
Сынтәа Қырҭтәыла Китаи, Шанхаи имҩаҧысуа атуристтә цәыргақәҵа ду ITB CHINA 2026 аофициалтә партниор-тәылас иҟалоит.
Апартниортә еизыҟазаашьақәа ирызку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аофициалтә церемониа Қарҭ имҩаҧган. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит ITB China пофициалтә хаҭарнакцәеи, ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи, ақырҭуа атуристтә еилахәырақәеи, ааҧхьара зауз асасцәеи.
Ацәыргақәҵа ITB China 2026 Шанхаи имҩаҧысуеит лаҵара 26 – 28 рзы. Апартниор-тәыла астатусла иазҧхьагәаҭоуп еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара.
ITB China 2026 аҿы Қырҭтәыла ахатә цәыргақәҵатә қәыҧшылара амазаауеит.
Ацәыргақәҵа аартра амш азы, VIP-тур иалагоит Қырҭтәыла астенд ала. Қырҭтәыла иазку авидеоҭыхымҭақәа иоурыжьҭуеит китаитәи АИХқәа.
Апартниор-тәыла аҳасабалара ари ацәыргақәҵа алахәызаара Китаии Азиа атәылақәеи рҿы Қырҭтәыла аӡыргареи атуристтә гәыҧқәа рыдаҧхьалареи иацхраауеит.