Қырҭтәыла атәылауаа рзы Китаи аҟны авизадатә режим аофициалла амч аиуит
Қырҭтәыла атәылауаа рзы Китаи аҟны авизадатә режим аофициалла амч аиуит

Қырҭтәыла атәылауаа рзы Китаи аҟны авизадатә режим аофициалла амч аиуит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәарҭа.

«Китаитәи жәлартә республика аиҳабыреи Қырҭтәыла аиҳабыреи ирыбжьарҵаз  аиқәшаҳаҭра иннақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаҩшәҟәқәа змоу Қыртәыла атәылауаа,  2024 шықәса лаҵара 28  асааҭ  00:00  инаркны, Китаитәи ареспублика алалара,  алҵра,  мамзаргьы,  Китаитәи ареспублика транзитла алсразы авиза агара рҭаххом. Аха,  Китаитәи ареспублика алалара цыҧхьаӡа аҿҳәара  30 мшы  иреиҳамзароуп,  насгьы,   Қырҭтәыла атәылауаа 180 мшы рыҩныҵҟала  Китаи иҟазар рылшоит 90 мшы.

Аҵара, аусура, ма еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рҽалархәра амзызла  30 мшы еиҳаны  Китаи иаангылар зҭазу ауааҧсыра, ари атәыла иалалаанӡа, иашьашәалоу авиза аиуразы арзаҳал арҭароуп», — иануп Китаи ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.