Қырҭтәыла арегионқәа инрықәыршәаны акоронавирус аларҵәара астатистика
Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла, акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсит 32ҩык апациентцәа. Урҭ рҟынтә: 14 ҩык — Қарҭ, 7ҩык — Аҷара, 8ҩык — Имереҭи, 3ҩык — Шида Қарҭли, аӡәаӡәа — Қвемо Қарҭлии Кахеҭии.
Апандемиа ианалага инаркны иахьанӡа атәылаҿы акоронавирус амшала иҧсхьеит 475ҩык апациентцәа.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иаарҧшыз акоронавирус 2 901 афактқәа рстатистика арегионқәа инрықәыршәаны:
Қарҭ — 1060;
Аҷара — 461;
Гыртәылеи Хыхьтәи Шәантәылеи — 369;
Имереҭи — 340;
Шида Қарҭли — 199;
Қвемо Қарҭли — 181;
Кахеҭи — 94;
Мцхеҭа-Мҭианеҭи — 78;
Гуриа — 68;
Самцхе- Джавахеҭи — 45;
Раҷа – Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи — 6.
Аиҳабыра рпрессмаҵзура адыррақәа рыла, уажәазы атәылаҿы акоронавирус 14 680 активтә фактқәа иҟоуп.