Қырҭтәыла арбџьармчқәа рхаҭарнакцәа дыргәаладыршәеит Арчил Татунашвили. Арчил Татунашвили дыршьижьҭеи фышықәса ҵит. ҚырҭтәылаАтәылахьчара аминистрра аинформациала, Қырҭтәыла абџьармчқәа реиҳабы, аштаб хада аиҳабы, абригада аинрал Џьони Татунашвилии абџьармчқәа рсержант еиҳабы Гьаргь Гогоҷурии, арратә маҵзуҩҵәеи Арчил Татунашвили аҭаацәа даҽазнык ирыдашшылан, афырхаҵа ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.
Асержант аиҵбы Арчил Татунашвили арратә маҵзура дахысуан 2007 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа.
Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа ақырҭуа фырхаҵа 2018 шықәса жәабран 22 рзы Ахалгори дааныркылеит, жәабран 23 рзы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Арчил Татунашвили дшьын.