Қырҭтәыла апрокурор хада аофициалтә визитла Қарҭ иаҭааиз Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар диҧылеит
Қырҭтәыла апрокурор хада аофициалтә визитла Қарҭ иаҭааиз Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар диҧылеит

Қырҭтәыла апрокурор хада Гьаргь Гваракиӡе аофициалтә визитла Қарҭ иаҭааиз Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар Маикл  О’Флаерти  диҧылеит.

Апрокурор хада иофисаҿ имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ  Зураб Белҭаӡеи, ихаҭыҧуаҩ  Амиран Гулуашвилии, Апрокуратура хадаҿы иҟоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩы Гьаргь Миқавеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара адепартамент анапхгаҩы Саломе Шенгелиеи, Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар иофис адиректор  Клаудиа Лами, акомиссар ибжьагаҩ  Ромер Леметри.

Гьаргь  Гваракиӡе ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар Қырҭтәыла апрокуратура аусуреи имҩаҧысуа ареформақәеи ирызкны  инарҭбаау аинформациа ииҭеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.