Қырҭтәыла апрокуратуреи германтәылатәи агани атрансмилаҭтә ацәгьаура аадыртит, 7ҩык аанкылоуп [авидео]
«Қырҭтәыла апрокуратура, германтәылатәи аган рҟны аусеицурала, атрансмилаҭтә ацәгьаура аанартит», — ари аҳәамҭа ҟаҵан Қырҭтәыла апрокуратура хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы. Уааҵәҟьа иҟан Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭеи Германтәыла азинхьчаратә органқәеи рхаҭарнакцәагьы.
Германтәыла аполициа еиуеиҧшым аҟәшақәеи, Қырҭтәыла апрокуратуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Афинансқәа рминистрра аусҧшаратә маҵзуреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи рхаҭарнакцәа еицымҩаҧыргаз ауснагӡатә иалҵшәаны быжьҩык аанкылоуп, урҭ рызынтәгьы атрансмилаҭтә ацәгьауратә гәыҧ иалахәып.
Апрокуратура адыррақәа рыла, иаанкылоу ауааҧсыра, Германтәыла атәылауаа 10 миллион евро ирцәырҕьычын, абри аҧара азакәантәра рҽазыркит. Аусеилыргара мҩаҧысуан аҩтәылак рҿы, еиуеиҧшым жәабала алокациақәа рҿы.
Апрокуратура адыррақәа рыла, ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа Қырҭтәыла 6 еилахәырак ишьаҭаркын, уаҟа аколл-центрқәа аадыртит. Аколл-центрқәа роператорцәа зегьы атәым бызшәақәа рдыруан.
«Аколл-центр аусзуҩцәа Германтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа рҟны аимадара шьақәыргыланы, аилахәыра ахьыҟоу аҭыҧ иазкны аинформациа ҧаршеи рыҭаны, аелектронтә платформала зыхә дуу ақьаадқәеи, акциақәеи, атауартә активқәеи, авалиутеи, акриптовалиутеи раахәара рыдаргалон. Иақәшаҳаҭхоз атәымуаа аелектронтә хәаахәҭра иазоурышьҭуаз аҧара зегьы абанктә хыҧхьаӡараҿы иҟан, ари аҧара иахылаҧшуан ацәгьауратә гәыҧ», — ирҳәеит апрокуратураҿы.
Ақырҭуа-анемец операциа ҷыда абзоурала, Қырҭтәыла аанкылоуп ацәгьауратә гәыҧ 7ҩык алахәылацәа. Урҭ рҟынтә 6ҩык 9 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра рықәшәоит, аӡәы аекстрадициа изыруеит.
Ацәгьауратә гәыҧ егьырҭ алахәылацәа раарҧшразы аусеилыргара инагӡоит.