Қырҭтәыла апрокуратура, Германтәыла азинхьчаратә органқәа аус рыцурала, аколл-центрқәа рус иадҳәаланы даҽа атрансмилаҭтә ацәгьаурак аанартит
Қырҭтәыла апрокуратура, Германтәыла азинхьчаратә органқәа аус рыцурала, аколл-центрқәа рус иадҳәаланы даҽа атрансмилаҭтә ацәгьаурак аанартит

Қырҭтәыла апрокуратура, Германтәыла азинхьчаратә органқәа аус рыцурала, аколл-центрқәа рус иадҳәаланы даҽа атрансмилаҭтә ацәгьаурак аанартит.

Аколл-центр аусура иадҳәалоу ҧшьҩык ауааҧсыра аанкылоуп, дара азакәандаратә хашәала азакәатәреи аҕьычреи рхарарҵоит.

Аусеилдыраан ишеилкаахаз ала,  2019-2021 шықәсқәа рзы Украина атәылауаҩ, Қырҭтәыла атәылауааи атәымтәылауааи рыла Қырҭтәыла ишьтаҭакыз аилахәыра  “Морган Лимитед» абазаҿ ацәгьауратә гәыҧ еиҿикааит.  Агәыҧ алахәылацәа зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра ахьӡала еиуеиҧшым европатәи атәылақәа ртәылауаа рҟны аимадара шьақәыргыланы,  ишәзыфеидоуп ҳәа ижьаны, аинвестициақәа рымҩаҧгара рыбжьаргон, убри ала,  закәандарала аҧара дырҳауан.

Ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа Германтәылеи, Словениеи, Словакиатә ареспубликеи ртәылауаа  3 170 000 евро аҟара рцәырҕьычит.

Азинхьчаҩцәа аусеилыргараан иаарҧшыз аинформациа анализ азуны ишеилыркааз ала,   «Морган Лимитед» ахьӡала аус зуаз аколл-центр аменеџьерцәа руаӡәы Давиҭ Кезерашвили издәықәиҵеит  миллион адоллар аҟара.  Ари ахырхарҭала аусеилыргара инагӡоит.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  9 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра.