Қырҭтәыла апрокуратура, Франциеи,  Швеицариеи,  Лиетувеи русбарҭақәа рхаҭарнакцәа рҽалархәрала,  атрансмилаҭтә ацәгьаура ду аанартит
Қырҭтәыла апрокуратура, Франциеи,  Швеицариеи,  Лиетувеи русбарҭақәа рхаҭарнакцәа рҽалархәрала,  атрансмилаҭтә ацәгьаура ду аанартит

«Евроџьаст» ацхыраарала еиҿкааз жәларбжьаратәи аусеилыргаратә гәыҧ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апрокуратуреи  3 тәылак ркомпетеннттә органқәа рхаҭарнакцәеи рҽалархәрала, Қырҭтәыла имҩаҧган зымҽхак дуу ауснагӡатә Евроеидгыла атәылақәа рбиблиотекақәа рҟынтә зыхә дуу ашәҟәқәа рҕьычра афакт азы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апрокуратура Хада.

Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧган Қырҭтәыла жәа-локациак рҿы.

Апрокуратура адыррала, ауснагӡатә иалахәын Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рҟынтә  100ҩык иреиҳаны аусзуҩцәа.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаа рацәеи анхарҭатә ҩнқәеи еимырдеит.  Азинхьчаҩцәа аҧара рацәеи шәкыла ашәҟәқәеи аадырҧшит, урҭ иреиуп Парижтәи абибилиотека аҟынтәи иҕьычыз ашәҟәыгьы.

Апрокуратура адыррала, уажәазы  иаанкылоуп еиҿкаау ацәгьауратә гәыҧ ҧшьҩык алахәылацәа.

Аусеилыргара адыррала,  Қырҭтәыла атәылауаа  еиҿыркааз ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа Франциеи, Германтәылеи, Литвеи, Латвиеи, Естониеи, Швеицариеи, Польшеи, Чехиеи рмилаҭтә библиотекақәа рҟынтә  ашәҟәқәа рҕьычуан.

Иаанкылоу ауааҧсыра  фышықәса инаркны 10 шықәсанӡа аҭакра рықәшәоит.