Қырҭтәыла апрокуратура атрансмилаҭтә ацәгьаурақәа аанатит
Қырҭтәыла апрокуратура атрансмилаҭтә ацәгьаурақәа аанатит

Қырҭтәыла апрокуратура  атрансмилаҭтә даҽа ацәгьаурак  аанатит.

Аҧара рацәа аҕьычреи азакәандаратә ахашәала азакәантәреи афактқәа аарҧшуп, ҩыџьа афизикатә хаҿқәеи аиуристтә 2 хаҿыки рзы ашьауҕатә ус хьацыркуп.

Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа, афинанстә институт аҧара алаҵарааан аназынатә азыҧҵәа ду аиура амзызла, аинтернетаҿ аӡыргара ҧаршеи аладырҵәан, ауаа ижьаны, Америка атәылауаа ирыдарцалеит Қырҭтәыла ишьаҭаркыз аилахәырақәа рахь аҧара рацәа аиагара.

Убри ала, ахара зду ауааҧсыра закәандарала  1 820 000 адоллар роуит.

Убри анеҩс, ахара зду руаӡәы, ари апроцесс азакәантә сахьа аиҭарц азыҳәан, адокументқәа рҧаршеирала, аҧара хәҭак,  еиуеиҧшым атәылақәа рҿы иара идҳәалаз аиуристтә хаҿқәа ирзиаганы,  1 770 000 адоллар азакәантәра илшеит.

Апрокуратура адыррала, аусеилыргараан даҽа ацәгьаурак аарҧшын.

Лымкаала,  Франциа аус зуа аилахәырақәа иртәыз аҧара рацәа ахартәра амзызла, атәым ҳәынҭқарра атәылауаҩ, аффшортә зонаҿ аилахәыра ашәҟәы иҭагаланы, Қырҭтәыла аус зуа абанктә усбарҭаҿы ари аилахәыра  ахыҧхьаӡара ааиртит.

Ахара зду ауаҩҧсы Франциа аус зуа аилахәырақәа рахь рклиентцәа рыхьӡала имцырку адырра ҟаиҵеит  Қырҭтәыла дызхылаҧшуаз абанктә хыҧхьаӡарашҟа аҧара аиагара иазкны, убас ала, закәандарала, арҭ аилахәырақәа иртәыз  445 000 евро игеит.

Ахара зду ауааҧсыра заанаҵтәи абаандаҩтәра рықәырҵеит.