Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәылатәи ареспублика атәылахьчара аминистр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика атәылахьчара аминистр Сурен Папикиан диҧылеит.
Аиҧылараҿы ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз аганрацәалатә усеицуреи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиеи иалацәажәеит.
Хшыҩзышьҭра рызун атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәи, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа еицынарыгӡо, зҵакы дуу апроектқәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-ганктәи аусеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рпартниорра қәҿиарала аҿиара иаҿуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи апроцессқәа рҿы арегион инанагӡо ароль ду иазааҭгылеит. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәара ацхраара ишазыхиоу.