Қырҭтәыла Апатриархиа маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа раларҵәара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Апатриархиа маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа раларҵәара иадҳәаланы раҧхьатәи аҳәамҭа аланарҵәеит.
«Ишаарыцҳаз ала, арҭ афаилқәа закәандарала иҟаҵазар, урҭ рыхәҭак ииашамзар, аршаҳаҭратә материалқәа иҟазаргьы, аконкреттә мчқәа кыршықәса рыҩнуҵҟа ауахәама иаҿагыланы имҩаҧырго аполитика иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, абраҟа аматериалқәа реиқәырҽаҽара афакт аҭыҧ амазар ауеит. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭақәа риашара хымҧада ишьақәыргылазароуп.
Ҳара, абарҭ апроцессқәа ҳахшыҩ рзышьҭны ҳрыцклаҧшуеит, зҵакы дуу азҵаарақәа рзы иашьашәалоу ақәҿыҭра ҟаҳҵоит. Қырҭтәылеи ақырҭуа уахәамеи имаҷымкәа аҧышәарақәа ирхысхьеит, Анцәа илҧхала абригьы ҳахысуеит. Ҳажәлар ҟәышуп, ацәгьареи абзиареи ахьыҟоу рдыруеит. Насгьы, аиашара еснагь аиааира агоит, », —иануп аҳәамҭаҿы.