Қырҭтәыла апатриархиа - Давиҭ Гареџьи атемазы азербаиџьантәи аган рҟны активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит
Қырҭәтыла апатриархиа Давиҭ Гареџьи азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа иаланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Давиҭ Гареџьи иадҳәаланы иҟалаз ахҭысқәкәа ауаа даараӡа иаргәамҵуеит
„Ҳара аргама иааҳацҳауеит ари акомплекс идуӡӡоу абеиара шакәу, ақырҭуа культуратә ажәытә баҟақәа иреиуп, ақырҭуа уахәама иаҭаху зегьы ҟанаҵоит ари абаҟа ахьчаразы.
Иара убас, иаҵшьны иазгаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла апатриархиа аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәа реизыҟазаашьақәа ҧхасҭазтәша иарбанызаалак ауранагӡара ишақәыӡбо. Аҧсылманцәа раҳаҭыр лазырҟәо аҳәамҭақәа апровокациа аҳасабла ҳрыхәаҧшуеит. Ҳара, адоуҳатә лидерцәа, агәыҕра ду ҳамоуп ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи уажәтәи реизыҟазаашьақәа ҧырхагак рмоуп ҳәа, ҳара аиашареи аиҩызареи риааира ҳақәгәыҕуеит“, – иануп Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭаҿы.