Ауаажәларраҿ аҭыԥ змоу аиҿагылара ацәаҳәа иахьа азәынаӡарақәа рабашьреи аҳәынҭқрратә суверенитет аилашареи рҿы ахысуеит. Ҳаамҭазтәи аҭоурыз аҿы иҳамаз ақәҿиарақәа зегьы шьаҭас ирымазароуп Илиа-аԥсыцқьа иаҳзаанижьыз ажәақәа “Аԥсадгьыл, абызшәа, адин”, – иануп Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, аемоциақәа шьаҭас измоу ишәам-изам ахымҩаԥгашьала аҭынчреи аҭышәынтәалареи реилагара ҟамлароуп.
“Ауаажәларраҿ аҭыԥ змоу аиҿагылара ацәаҳәа иахьа азәынаӡарақәа рабашьреи аҳәынҭқрратә суверенитет аилашареи рҿы ахысуеит. Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы иҳамаз ақәҿиарақәа зегьы шьаҭас ирымазароуп Илиа-аԥсыцқьа иаҳзаанижьыз ажәақәа “Аԥсадгьыл, абызшәа, адин”.
Ҳепохаҿ афактқәеи аргументқәеи рцынхәрас, аихқәеи асоциалтә каҭақәеи рҿы альтернативтә реалра еиҿкаауп. Аемоциақәа шьаҭас измоу ишәам-изам ахымҩаԥгашьала иахьазы аҵак ҷыдазмоу аҭынчреи аҭышәынтәалареи реилагара ҟамлароуп. Атәыла аԥеиԥш иҵаулоу ахцәажәареи адискуссиеи рышьаҭала иӡбахароуп, аганқәа ацәымӷара анрыбжьоу аиааира аӡәгьы изгаӡом.
Ауахәама ҳахшара игәыцқьоу рыԥшьгарақәа еснагь рыдгылоит, аха аҿари ақәыԥшцәеи арҭ аполитикатә процессқәа рҽалархәрала иубарҭоуп ари азҵаара аҵак ду, аҵак ҷыда шамоу. Абиԥара ҿыцқәа рпатриотизми рактивреи аполитикатә интересқәа рыла ахархәара ҟамлароуп.
Қырҭтәыла анапхгара изныкымкәа шышьақәранӷәӷәаз ала, ауааԥсыра реиҳара реиԥш, аполитикатә вектор евроинтеграциа ауп.
Аха Европарламент аднакылаз арезолиуциаҿ иануп ҳара ҳзы итәыму ишәарҭоу аидеологиа, уи ҳҵасқәа ирышьашәалам. Иазгәаҭатәуп ҳтәыла анапхгара атрадициатә хәынаӡарақәа рыхьчара амҩа шанылаз”, – иануп Қырҭтәыла апатриархиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.