Қырҭтәыла  «апаспорт иаҵәа» ацәыргара ахымҧадара иаҧыхуп
Қырҭтәыла  «апаспорт иаҵәа» ацәыргара ахымҧадара иаҧыхуп

 

«Омикрон» аштамм ирласӡаны аларҵәареи ачымазара аҧсыҽреи  амшала,  адунеитә аҧышәа иазҧхьагәаҭаны,  Қырҭтәыла  «апаспорт иаҵәа» ацәыргара ахымҧадара иаҧыхуп, — ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  инапхгарала имҩаҧгаз Акоординациатә хеилак аилатәараҿы.

Ахеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала,  ашәҟәҭаҩратә системақәа зегьы аусура нарыгӡоит,  аҳәаанырҵәҟьа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаххо ауааҧсыра,  ҧасеиҧш ари асистема рхы иадырхәар рылшоит.

Иара убас,  ишазгәаҭаз ала,  авирус аҿкаара афактқәа шырацәахазгьы,  аиҳабыра аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит,  агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит,  ачымазаҩцәа реиҳара аҩны рҽырыхәшәтәуеит,  урҭ рҭагылазаашьа иахылаҧшуеит аҭаацәаратә ҳақьымцәа.

Ахеилак аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан ачымазара ахьанҭахара аҽацәыхьчаразы авакцинациа иамоу аҵакы. Ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа ирыҵанакәа ауааҧсыра,  ргәабзиара аҭагылазаашьа еицәамхарц азыҳәан,   авакцинақәа рзыҟаҵара азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Ишдыру ала,  зыӡбахәы ҳәоу агәыҧқәа рыгәҭа авакцинациа апроцесс арҭбаара амзызла, жәабран азгьы апрограмма ҷыда нагӡахоит,   50 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра авакцина актәи адоза аныҟарҵалак  200 лари роуеит,  иара убас,  100 лари роуеит абустертә дозазы.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык ауааҧсыра ирыҳәоит асабрадақәа ныҟәаргаларц,  асоциалтә дистанциа рыхьчаларц,  ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рахь имнеирц,  асимптомқәа рызцәырҵыр,  аҩны иҟазарц.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанаӡа,  акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  1 200 124 ҩык,  урҭ рҟынтә 1 020 510ҩык ачымазара иалҵхьеит,  15 016ҩык иҧсит. Уажәазы аковид-сасааирҭақәа рҿы иҟоуп  2031ҩык,  астационар аҿы  – 5454ҩык.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада ладминистрциеи.