Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа   2007 шықәса абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа ргәаларшәаратә акциа мҩаҧган
Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа   2007 шықәса абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа ргәаларшәаратә акциа мҩаҧган

Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент аҧхьа имҩаҧгаз амитинг аҿы Гиа Гачечилаӡе атәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит абҵара  7 Аҳаҭырқәҵара мшны шьақәдыргыларц.

«Раҧхьа иргыланы, ишәыдысныҳәалар сҭахуп, ҳазынтәгьы гәыкала бзиа иаабоз Коба Давиҭашвили иахьа Аҳаҭырқәҵара аорден ианаршьеит. Аҵыхәтәан, 11 шықәса рышьҭахь, Коба иара ихәҭаз иоуит.  Ишәасҳәар сҭахуп, абҵара 7 – Аҳаҭырқәҵара мшуп, ари амш зхы ҳаҭыр ақәызҵо ауаа зегьы ирызкуп, абарҭ  20 шықәса рыҩнуҵҟала ақәыҕәҕәара ду шыҟазгьы апату зцәымӡыз ауаа ирызкуп», — иҳәеит Гиа Гачечилаӡе.