Қырҭтәыла апарламент аҿы аиҳабыреи аиҳабыратә программеи агәрагара рзаарҧшра азҵаара акомитетқәа рҿы иахәаԥшуеит
Қырҭтәыла апарламент аҿы аиҳабыреи аиҳабыратә программеи агәрагара рзаарҧшра азҵаара акомитетқәа рҿы иахәаԥшуеит

Қырҭтәыла апарламент аҿы аиҳабыреи аиҳабыратә программеи агәрагара рзаарҧшра азҵаара акомитетқәа рҿы иахәаԥшуеит.

Аиҳабыратә программа  — «Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы» хықәкыс иамоуп апандемиа иахылҵыз акризис излауа ала ирласны  алҵреи, ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи аҿиареи, атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҭышәынтәалоу ишәарҭам алагылазаара изеиқәыршәареи, аструктуратә реформақәа рынагӡареи.

Аиҳабыраҿ аструктуратә аиҭакрақәа мҩаԥыргар ҟалап – Аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, сапорти рминистрра  акультура ахырхарҭа алҵра азҵаара иахәаԥшуеит.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара. Аиҳабыра реилазаараҿы аҧсахра заҵәык ҟалеит  —  аиустициа аминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылеит Гоча Лорҭқиҧаниӡе.

Аиҳабыра агәрагара рзаарԥшразы аҭахуп 76-ҩык адепутатцәа рыбжьы.