Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа ирԥылеит
Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа, Вашингтон ЕАШ аконгресс ахаҭарнакратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет.
Акомитет аинформаци ала, Қырҭтәыла апарламент аделегациа Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ЕАШ аконгресси, аҳәынҭқарратә департаменти, еиуеиԥшым аҭҵааратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирԥылоит.
Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет адыррақәа рыла, Николоз Самхараӡеи Гьаргт Хелашвилии ЕАШ аконгресс аҿы аиԥыларақәа мҩаԥыргеит ЕАШ ахаҭарнакратә палата арбџьармчқәа ркомитет ахантәаҩы Адам Смити ахаҭарнакратә палата алахәыла Џьон Гарамендиси рҟны.