Қырҭтәыла апарламент, актәи аҧхьарала, амнистиа иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭхеит
Қырҭтәыла апарламент, актәи аҧхьарала, амнистиа иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭхеит.
Иахьа, изаамҭаным аилатәараҿы, азакәанпроект иадгылеит 82ҩык адепутатцәа.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, амнистиа рыдкьыслоит Ашьауҕатә закәанеидкыла 44 ахәҭаҷқәа. Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, аҧсахрақәа рырҭбаара ргәы иҭоуп, иҵегьы 15-20 ахәҭаҷқәа амнистиа рыдкьыслара ҟалап.