Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аделегациа ЕАШ Амилаҭтә демократиатә фонд ахаҭарнакцәа ирԥылеит
ЕАШ аофициалтә визит ахәаақәа ирҭагӡаны, Николоз Самхараӡе дызхагылоу Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аделегациа ЕАШ Амилаҭтә демократиатә фонд (NED) ахада Деимоно Уилсони афонд ахантәаҩы Кеннет Волаки ирԥылеит.
Қырҭтәыла апарламент апрессма цзура аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Кавказ иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи, Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи, ЕАШ-и Қырҭтәлеи реизыҟазаашьақәеи, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәеи, “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәанпроекти.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтегарциеи Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара аҵаки.
Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аделегациа иалоуп: акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе, ихаҭыԥуаҩ Давид Зилԥимиании, акомитет алахәыла Рамаз Николаишвилии.