Қырҭтәыла амилаҭтә банк авалиутатә аукцион аҿы 37 150 000 доллар ҭиит
Қырҭтәыла амилаҭтә банк авалиутатә аукцион аҿы 37 150 000 доллар ҭиит

Қырҭтәыла амилаҭтә банк авалиутатә аукцион аҿы 37 150 000 доллар ҭиит.

„2023 шықәса цәыббра 21 рзы имҩаԥгаз авалиутатә аукцион аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә банк цәырнагаз 50 милион америкатә доллар рҟынтә, 37 150 000 доллар ҭиит, аиҭныԥсахларатә курс  2.6884 иаҟаран“, – иануп Қырҭтәыла амилаҭтә банк аинформациа аҿы.

Иацы, цәыббра 20 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә банк авалиутатә аукцион аҿы 20 миллион доллар ҭиин.