Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәеи ахымҩаҧгашьа  азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәеи ахымҩаҧгашьа  азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит

Жьҭаара  26 рзы имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы,  Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәеи ахымҩаҧгашьа  азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит.

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили ишиҳәаз ала, Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәеи аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәеи азанааҭтәи аетикатәи нормақәа рықәныҟәара  ирауалуп, убри аҟынтә, жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рҟнынӡа  аҭагылазаашьақәа зегьы рзы еиқәшаҳаҭхароуп.

Иара иажәақәа рыла, адокумент еиқәыршәоуп иреиҕьу жәларбжьаратәи аҧышәа ашьаҭала, уи ииашоу иаарту алхрақәа рымҩаҧгара иацхраауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзура.