Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи амониторингтә аиҿкаарақәеи амеморандум рыбжьарҵеит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи амониторингтә аиҿкаарақәеи амеморандум рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи амониторингтә аиҿкаарақәеи амеморандум рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хадеи аҭыҧантәи амониторингтә аиҿкаарақәеи аилибакаара иазку амеморандум рыбжьарҵеит.

Алхратә комиссиа хада аинформациа ишану ала, адокумент знапы аҵазҩыз аганқәа,    Алхратә закәанеидкылаҿ административтә ресурс иазку  45, 48,  49 ахәҭаҷқәа  еицырзеиҧшу аилкаарак шарҭо азы еиқәшаҳаҭхеит,  иара убас,  административтәии аӡбаратәи аусеилыргара аан амеморандумаҿ иарбоу аилкаарақәа рхы ишадырхәо шьақәдырҕәҕәеит.