Қырҭтәыла Актәи аканал иахьа Давиҭ Соколов иеҵәа аанартит - Ари аеҵәам, ари аԥсҭазаара анагӡароуп [афото]
Қырҭтәыла Актәи аканал иахьа Давиҭ Соколов иеҵәа аанартит - Ари аеҵәам, ари аԥсҭазаара анагӡароуп [афото]

Иахьа Қырҭтәыла Актәи аканал,  Қарҭтәи ателебааш аҧхьа иҟоу апарк Мҭаҵминдаҿы, еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ  Давиҭ Соколов иеҵәа аанартит. Аеҵәа аартра ацеремониаҿ дыҟан ихаҭа Давиҭ Соколовгьы.

Аеҵәа аартра ацеремониаҿ Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишьвили ишылҳәаз ала,  еицырдыруа ателемҩаԥаҩцәа рыхьӡала аеҵәақәа рартра атрадициа ашьапы акит 2013 шықәсазы.

Қырҭтәыла ателехәаҧшра анаадырты инаркны, кыршықәса рыҩнуҵҟа Давиҭ Соколов  аинформациатә дырраҭара  «Моамбеи»  еиуеиҧшым ауаажәларра-политикатә программақәеи мҩаҧигон. Иара убас, арадио аҿгьы аус иуан.

Қарҭтәи ателебааш аҧхьа иҟоу парк Мҭаҵминадаҿы еиуеиҧшым ателеусзуҩцәа рыеҵәақәа аадыртхьеит, урҭ иреиуп Алеқсандра Маҷавариании, Лиа Миқаӡеи, Джулиета Вашакмаӡеи, Жанета Арчваӡеи, Нугзар Джугелии, Ҭенгиз Наҭаӡеи.