Қырҭтәыла Актәи аканал адунеитә шахмат алегенда Нона Гаҧриндашвили  даҭааит  [афото]
Қырҭтәыла Актәи аканал адунеитә шахмат алегенда Нона Гаҧриндашвили  даҭааит  [афото]

Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәеи урҭ рхылҵи адунеитә шахмат алегенда, хәынтәтәи адунеи ачемпион Нона Гаҧриндашвили ашахмат рыцхәмарра алшара рыман.

«Сара Актәи аканал даараӡа ҳаҭыр акәысҵоит. Абри аҩыза аусмҩаҧгатәқәа ахәыҷқәа даараӡа ирыхәоит. Аӡәы идамхаргьы, ашахмат дазҿлымҳахар, уигьы аус дууп. Мышқәак рышьҭахь Ашықәс ҿыц ҳҭагылоит. Шәызынтәгьы аҭынчреи мышәхыбзазареи шәзеиҕьасшьоит», — илҳәеит  Нона Гаҧриндашвили.

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили лҳәамҭала, иахьа Актәи аканалаз аҭоурыхтә мшуп.

«Иахьа Актәи аканалаз аҭоурыхтә мшуп, избанзар,а қырҭус спорт алегенда Нона Гаҧриндашвишли сасра даҳҭааит. Лара Актәи аканал аусзуҩцәеи рхәыҷқәеи дырҧылеит. Ашықәсҿыцтәи асиурприз ҳзыҟалҵеит. Ҳахәаҧшцәа зегьы Ашықәс ҿыц рыдаҳныҳәалоит», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.