Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада алидерцәа рсаммит далахәуп
Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада алидерцәа рсаммит далахәуп

Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили алидерцәа рсаммит далахәуп, асаммит Конрад Аденауер ифонд аиҿкаарала, мрагылара-мраҭашәаратәи Европа амедиапрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны италиатәи ақалақь Каденабиаҿ мҩаԥысуеит.

Асаммит рхы аладырхәоит Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) аофициалтә хаҭарнакцәеи, EBU адиректор Ноель Курани Европа ауаажәларратә дырраҭарақәа рнапхгаҩцәеи.

Асамит аҿы аих ирызку актуалтә зҵаарақәа ирыхәаԥшуеит, аԥышәа еиҭнырыԥсахоит. Асаммит аҿы ирыхәаԥшуеит ацифратә епоха ааԥхьарақәа алидерцәа рзы, акультуратәи астратегиатәи априоритетқәа раарԥшра, акроссмедиа стратегиақәа, аконтент алхреи аиҿкаареи, аудиториаҟны аимадареи ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа рырҿиареи.