Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 38-ҩык апациентцәа. Аусбaрҭaбжьaрaтә координaциaтә хеилaк aҳәaaқәa ирҭaгӡaны еиҿкaaз aоперaтивтә штaб aиҳaбы ихаҭыԥуаҩ Бердиа Сиҷинава aри aтәы aaицҳaит aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы имҩaҧгaз aбрифинг aҿы.
Инеизакны атәылаҿы акоронавирус амшала иҧсхьеит 1 425-ҩык апациентцәа.
Иахьа Қырҭтәыла акоронавирус 5 068 афакт ҿыцқәа аарҧшын.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 152 704 -ҩык, урҭ рҟынтә 126 904-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1 425-ҩык апациентцәа иҧсит.