Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит  37ҩык апациентцәа

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла  атәылаҿы иҧсит  37ҩык апациентцәа.  Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

Авирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсхьеит 1 694ҩык апациентцәа.

 

Иахьа Қырҭтәыла акоронавирус 4 146 афакт ҿыцқәа аарҧшуп.