Қырҭтәыла акоронавирус амшала даҽа 14ҩык апациентцәа иҧсит
Қырҭтәыла акоронавирус амшала даҽа 14ҩык апациентцәа иҧсит

 

Қырҭтәыла акоронавирус амшала даҽа 14ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда  stopcov.ge. аҿы.

Инеизакны акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсхьеит 215ҩык апациентцәа.

Иахьа атәылаҿы акоронавирус  1 872  афакт ҿыцқәа аарҧшын. Иахьа уажәраанӡа ари адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  30 303ҩык ауааҧсыра. Урҭ рҟынтә 11 370ҩык ачымазара иалҵхьеит.

Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 1928 афактқәа аарҧшын, 8ҩык апациентцәа иҧсит.