Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз ззышьақәырҕәҕәоу ауаа рхыҧхьаӡра 155ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит, аха 27ҩык ачымзара иалҵхьеит
Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз ззышьақәыргылоу ауаа рхыҧхьаӡра 155ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит.
Ари аинформациа аиҳабыра иаҧырҵаз авебдаҟаьа ҷыда иануп.
Акоронавирус адиагноз ззышьақәырҕәҕәоу апациентцәа рҟынтәи 27 ҩык ачымзара иалҵхьеит.
Акарантин аҿы иҟоуп 5526ҩык ауааҧсыра, астационар аҿы ишьҭоуп 344ҩык.