Қырҭтәыла акоронавирус 988 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1595 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 988 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1595ҩык, 21ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 13 752 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 7,18%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,99%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 5,47%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 312 445ҩык, урҭ рҟынтә 293 052 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 151 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 91ҩык, астационарқәа рҿы — 4 040 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 800ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 1 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1147 афактқәа аарҧшын, 690ҩык ачымазара иалҵит.