Қырҭтәыла акоронавирус 968 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 903ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 968 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 903ҩык, 16ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 23 742 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 34,08 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,96%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,9 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 88 522 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 330 375ҩык, урҭ рҟынтә 308 821 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 442 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 67ҩык, астационарқәа рҿы — 4 331 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 668ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 15 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1 576 афактқәа аарҧшын, 584ҩык ачымазара иалҵит.