Қырҭтәыла акоронавирус 966 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 222ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 966 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 222ҩык, 18ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 23 888 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,04%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,96%, наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,57%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 303 751ҩык, урҭ рҟынтә 285 971ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4025ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит 37 590 ҩык, иҳаҩсыз 24 сааҭ рыла – 1 533ҩык атәылауаа.
Акарантин аҿы иҟоуп 222ҩык, астационарқәа рҿы — 3 582 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 717ҩык апациентцәа.
Иацы, мшаҧы 23 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 1 250 афактқәа аарҧшын, 463ҩык ачымазара иалҵит.