Қырҭтәыла акоронавирус  964 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  607ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  964 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  607ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

 

Қырҭтәыла акоронавирус  964 афакт ҿыцқәа аарҧшуп.  Ари аинформациа жәбар шәылшоит  аиҳабыратә саит ҷыда  stopcov.ge аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы даҽа  607ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит. Иҧсит 8ҩык апациентцәа

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵоуп  28 190 атестқәа.

Атәылаҿы акоронавирус аарҧшра арбага:есымшатәи  – 3,42 наӡына, аҵыхәтәантәи  14 мшы рыла – 2,74  наӡына, аҵыхәтәантәи  бжьымш рыла  – 3,09 наӡына.

Зынӡа Қырҭтәыл акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 368 022ҩык, урҭ рҟынтә  353 231ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 335ҩык иҧсит.

Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит  266 161ҩык ауааҧсыра.

Акарантин аҿы иҟоуп  118ҩык, астационар аҿы 2 771ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы  620ҩык.