Қырҭтәыла акоронавирус 952 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 999 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 952 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 999ҩык, 9 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 20 281 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,69 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,79 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,18 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 302 388 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 377 152ҩык, урҭ рҟынтә 359 226 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5452 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 98 ҩык, астационарқәа рҿы — 3 472 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 907ҩык апациентцәа.